Ахәылԥаз хацыркхеит Аԥсны аҳәынҭқарратә гимн анагӡарала. Еизаз минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз.
Аусмҩаԥгатә алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит Афедеративтә Республика Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа.
Лара инаҵшьны иазгәалҭеит Аԥсны жәлар рзы Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҵакы, аҭоурыхтә гәалашәареи, амилаҭтә культуреи, атрадициақәеи реиқәырхареи, иара убас урҭ еиҵагыло абиԥара рызнагареи аҵак ду шрымоу.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан адиаспора русуреи уи рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи реимадара аиқәырхараҿы иааннакыло аҭыԥи. Хьыбла Амҷԥҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит акультуратә центр анапхгаҩы Иусуф Мықәбеи иԥшәмаԥҳәыс Нураль Мықәԥҳаи аусмҩаԥгатә аиҿкаареи амилаҭтә традициақәа реиқәырхараҿы рлагалеи рзы.
Ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны идырбан 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахҭысқәа ирызкыз афильм. Иара убас ирыԥхьан адиаспора ахаҭарнакцәа ирҩыз ажәеинраалақәа.Акультуратә программа иацҵан еиуеиԥшым абиԥарақәа рхаҭарнакцәа рықәгыларақәа рыла. Берзениаԥҳацәа аиҳәшьцәа рдует инанагӡоз агимн «Азылԥхара» еизаз идырҳан. Аҿари аиҳабыратә абиԥара рхаҭарнакцәеи инарыгӡеит амилаҭтә музыкеи атрадициатә кәашарақәеи.
Ахәылԥаз гәыблыла, аиҩызара аҵаны имҩаԥысит, аԥсуа-ачерқьес диаспора еиуеиԥшым абиԥарақәа рхаҭарнакцәа еиднакылеит.