Ажәабжь ҿыцқәа
Цәыббра 14 азы, Ареспублика Никарагуа Апарламент Амилаҭтә Ассамблеиа ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуаҿы иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аиба Никарагуа, Сан-Хасинто амҵантәи аибашьра 169 шықәса ахыҵра иазкны аҷыда еилатәара "Зегьы Сан-Хасинто азы" иалахәын.
2025 шықәса цәыббрамза 11 азы Берлин ақалақь аҿы Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа Евразиатәи Аилазаара имҩаԥнагаз аконференциа «Апассивтә ԥырҟәҟәаара аҟынтәи активтә ԥырҟәҟәаара аҟынӡа – Урыстәыла ашәарҭадаратә политикеи агеополитика ҿыци» лхы алалырхәит.
2025 шықәса цәыббрамза 10 азы, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аофициалтә Хаҭарнакраҿы, Приднестровиа иҟоу азинмчнагӡа змоу Аԥсны ахаҭарнак Александр Ватамани Приднестровиа адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа – адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак алахәылацәеи Приднестровиантәи аҳәынҭқарратә университет афакультетқәа рстудентцәеи реиԥылара мҩаԥысит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Никарагуеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 16 шықәса ахыҵра инамаданы Никарагуа Адәныҟатәи Аусқәа Рминистррахь ашәҟәы нарышьҭит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто иахь Боливариантәи Ареспублика Венесуела Аԥсны ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратә суверинитети азханаҵеижьҭеи 16 шықәса аҵра иазкны ашәҟәы наишьҭит.
Москваҟа иусуратә неира аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы аиԥылара мҩаԥигеит.
10 September 2025 111
2025шықәса цәыббрамза 9 азы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Москва иҟазаараан, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ИАР атәылақәа 4-тәи рдепартамент анапхгаҩы Михаил Калугин диԥылеит. Аиԥылара аԥсуа ган аҟынтәи иалахәын адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Мадина Аҩӡба.
9 September 2025 243
2025 шықәса цәыббрамза 9 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд азы акоординациатә еилацәажәара рхы аладырхәит.
17 шықәса раԥхьа, 2008 шықәса цәыббрамза 9 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит. Ари ашьаҿа ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара астратегиатә еиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәгыларазы азакәантә шьаҭа аԥҵара алнаршеит.