Жәабран 26 азы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела аомбундсман Альфредо Руис иҟаиҵаз ааԥхьарала, Аусбарҭа аԥҵара 25 шықәса ахыҵра азгәаҭара ихы алаирхәит. Адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа Хосе "Чино" Канта ихьӡ зху Каракас иҟоу ауааԥсыра рҵареи рыԥсшьареи рзы Амилаҭтә Институт (Incret) аудиториаҿы имҩаԥысуаз аконцерт иаҭааит.
Жәабран 27 рзы Заур Ӷәаџьаа Каракас ақалақь аҿы иҟоу Амилаҭтә Пантеон аҿы имҩаԥысыз аомбудсман Иусбарҭа аԥҵара 25 шықәса ахыҵра иазкыз ацеремониа ихы алаирхәит.
Аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәит Венесуела аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәеи адипломатиатә миссиақәа рнаԥхгаҩцәеи, Венесуела Атәылахьчара Аминистрра ахаҭарнакцәеи, аинформациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәеи, егьырҭ асасцәеи.