Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела ахада Николас Мадуро иҭоубашьҭаҵара далахәын

Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела ахада Николас Мадуро иҭоубашьҭаҵара далахәын
11 January 2025 57

Ажьырныҳәа 10, 2025 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала, Венесуела иҟоу Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела Аҳәынҭқарра ахадас иалырхыз Николас Мадуро Морос имаҵураҭыԥ аанкылара ацеремониа ихы алаирхәит.

Аҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Каракас, Афедералтә закәанԥҵаратә Хан аҿы. Каракас иҟоу Афедералтә закәанԥҵаратә Хан аҟны имҩаԥысуаз аҭоубашьҭаҵара иалахәын 125 тәыла рхаҭарнакцәа, иара убас атәылаҟны аккредитациа змоу адипломатцәа. Николас Мадуро атәыла дахагылеит 2013 шықәсазы. 2024 шықәса рашәарамзазы имҩаԥысуаз алхрақәа рылҵшәақәа рыла, иара хәышықәса ҳәа атәыла хадас деиҭалхын.

Анаҩс, арратә комплекс Фуерте-Тиуна ашҭа хадаҿы имҩаԥысит 2025-2030шш. рзы Николас Мадуро аҳәынҭқарра ахадак иҳасаб ала дшазхарҵо азы ацеремониа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: