Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд абҵарамза 11 рзы Женева ақалақь аҿы иалагоит

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд абҵарамза 11 рзы Женева ақалақь аҿы иалагоит
11 November 2025 73

Иахьа, абҵарамза 11 рзы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд абҵарамза 11 рзы Женева ақалақь аҿы иалагоит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц напхгара ззиуа Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа ирылахәуп Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика, Қырҭтәыла, Урыстәылатәи Афедерациа, Еиду штатқәа, ООН, ОБСЕ, ЕС рхаҭарнакцәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: