2025 шықәса рашәара 25 азы, Женева ақалақь аҿы, Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд актәи аусуратә мшы аҳәаақәа ирҭагӡаны, аԥсуа ган аԥшьгарала, жәларбжьаратәи аекспертцәа алархәны, ԥкырада аныҟәара атемала аинформациатә сессиа мҩаԥган.
Аинформациатә сессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, алахәылацәа адунеизегьтәи азинқәеи аҭыԥ змоу адунеизегьтәи апрецедентқәеи шьаҭас иҟаҵаны, ԥкырада аныҟәара азин анагӡара иадҳәалоу адунеизегьтәи аԥышәа рзеиҭарҳәеит. Аԥснытәи аган Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аԥсуа милаҭтә паспортқәа рхархәарала хақәиҭла аныҟәаразы азинқәа рынагӡара иадҳәалоу апроблема аӡбаразы амҩақәа рыԥшаара шхымԥадатәиу азгәарҭеит.
Аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд актәи аусуратә мшы аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара убас, Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациеи ООН, ЕС, ОБСЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәеи злахәыз ҩ-ганктәи аиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылараан Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд аҩбатәи аусуратә мшы амшхәаԥштә хадақәа ирзырханы заанаҵтәи аконсультациақәа мҩаԥган.
Женева ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Аҳәынҭқарра, Қырҭтәыла Аҳәынҭқарра, Урыстәылатәи Афедерациа, Америкатәи Аидгыла ахаҭарнакцәа алархәны Женева имҩаԥысуеит 64-тәи араунд.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәаа напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Алиса Барзаниа, Артур Гагәылиа, Мадина Зыхәба.