Жьҭаара 9 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа – ЕАР аҟынтә ацхантәаҩы Џьихан Сулҭаноглу, ОБСЕ аҟынтә ацхантәаҩ Виорель Мосану, ЕЕ аҟынтә ацхантәаҩ иполитикатә бжьагаҩ Готфрид Ханне дырԥылеит.
Аилацәажәарақәа иртема хаданы иҟалеит имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рформат алацәажәареи Гал ақалақь аҿы аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи рҭак аҟаҵареи рмеханизм аусура аиҭалагара ахымԥадатәра азҵаареи.
Сергеи Шамба иазгәеиҭеит “иахьазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа абри аҩаӡараҿы иҟоу апроблемақәа рылацәажәара ахьалшо платформа заҵәыкны иҟоуп. Иара алҵшәа хадақәа иреиуоуп “абџьарқәа анҭынчу ажәа ргоит адипломатцәа”ҳәа ззырҳәо аҭагылазаашьа” ҳәа.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгаҩы иажәақәа рыла, аԥсуа ган азы зегь реиҳа ихадароу зҵаароуп аибашьра аиҭаламгареи Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи.
Шамба иазгәеиҭеит, Қырҭтәыла иҟалаз азы аҭамзаара ашьҭаҵара аинышәарахь раԥхьатәи шьаҿаны иҟалар шалшо. Иара убасгьы Қарҭ “аоккупациа зызуу аҵакырақәа” ҳәа иаларгалаз атермин ааныжьра ахәҭоуп аизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалараз ихәарҭамкәа ишьаны ҳәа азиҳәеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр мраҭашәаратәи адипломатцәа рацәажәараан инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аполитикатә статус иарбанызаалак хцәажәарак ишаҵанамкуа.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз Сергеи Шамба Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аконструктивтә усеицура амҩаԥгаразы агәыӷра шимоу ааирԥшит.