Лаҵара 19 рзы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-рраунд аламҭалазы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара.
Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иҳәынҭқарратә бжьагаҩ Константин Кочиев напхгара зиҭо Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа.
Аԥсуа ган аҟынтәи аиԥылара рхы аладырхәит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, аминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡбеи Асҭанда Патараиеи, Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ - ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниеи.
Аиԥылараан имҩаԥысраны иҟоу аиҿцәажәарақәа рраунд амшхәаԥштә азҵаара хадақәа рзы агәаанагарақәа еимырдеит. Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысран иҟоуп 2026 шықәса ԥхынгәы 1 азы.
Аилацәажәараан аганқәа иаадырԥшит арегион аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи реиқәыршәаразы иқәыргылоу ахықәкқәа рынагӡаразы аиҿцәажәареи аусурақәа рыцҵареи ишазыхиоу.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы жәларбжьаратәи ахәдықәҵарақәа рзы зинла адҵа ҟазҵо адокумент абжьаҵара азҵаара.
Аԥсуа ган даҽазныкгьы аҳәамҭа ҟанаҵеит ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм (МПРИ) аусура аиҭарҿыцра ишазыхиоу азы.
Аиԥылара алахәылацәа иара убасгьы ирылацәажәеит хақәиҭрала аныҟәара иадҳәалоу агуманитартә ҟазшьа змоу апроблемақәа, иара убас наҟ-ааҟ аинтерес ззыҟоу егьырҭ актуалтә зҵаарақәа жәпакы.
Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа — 2008 шықәса нанҳәамза ахҭысқәа рышьҭахь ихацыркыз ганрацәалатәи аиҿцәажәаратә формат заҵәык акәны иҟоуп. Уи иалахәуп: Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика, Урыстәылатәи Афедерациа, Қырҭтәыла, Еиду Америкатәи аштатқәа, Еидҵоу Амилаҭқәа реиҿкаара, ОБСЕ, ЕС рхаҭарнакцәа. Аформат арегионалтә шәарҭадара азҵаарақәеи ишиашоу адиалог ази акрызҵазкуа ҭыԥны иаанхоит.