Аԥсны АдәАР аҿы Кавказнҭыҵ аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рзы Жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа 66-тәи араунд аҽазыҟаҵаратә еилацәажәарақәа мҩаԥысит

Аԥсны АдәАР аҿы Кавказнҭыҵ аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рзы Жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа 66-тәи араунд аҽазыҟаҵаратә еилацәажәарақәа мҩаԥысит
19 February 2026 104

Жәабранмза 18 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа 66-тәи араунд аҽазыҟаҵаратә консультациақәа мҩаԥысит. Аԥсуа ган аҟынтәи аконсультациақәа рхы рыладырхәит аминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Сариа Џьопуа, Леван Гадлиа.

Ацхантәаҩцәа рҟынтәи аилацәажәарақәа ирылахәын Аахыҵ Кавказ азы ЕЕ абжьгаҩ Том Триер, ЕЕ ахаҭарнак ҷыда иполитикатә зҵаарақәа рзы абжьгаҩ Еммануель Анкетиль, ОБСЕ аимакқәа раԥырҟәҟәааразы Ацентр аусзуҩ Тиудор Кампеан, ЕАР аполитикатә зҵаарақәа рзы абжьгаҩ Ирина Егорова, ЕАР аполитикатә зҵаарақәа рзы Адепартамент аусзуҩ еиҳабы Кылбаи Елеусизов.

Ахцәажәаразы ихадоу темақәаны иҟалеит имҩаԥысраны иҟоу аиҿцәажәарақәа рраунд амшхәаԥштә апунктқәеи арегионалтә шәарҭадара актуалтә зҵаарақәеи.

Аиԥылара аартуа Лаша Аҩӡба иазгәеиҭеит аԥсуа ган азҵаарақәа зегьы рзы амаҭәартә еилацәажәара ишазаарту, аконструктивтә диалог азы агәыӷра шаанарԥшуа.

«Ҳара аҽазныкгьы Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа изаамҭанытәиу араунд амҩаԥгара шхымԥадатәиу шьақәҳарӷәӷәоит. Ари Аԥсны Аҳәынҭқарразы акрызҵазкуа платформоуп, рыцҳарас иҟалаз, макьаназы иара заҵәык аҿоуп ҳтәыла аинтересқәа ахьаҳҳәашеи иахьаҳахьчашеи иара убас амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра аус адулара ахьҳалшои», ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит аиҿцәажәарақәа рхықәкы хада аҳасаб ала амч ахамырхәаразы адокумент аус адулара шырҭаху, ргәы ишҭоу.

«Ҳара ҳакәзар, Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа изаамҭанытәиу араунд амҩаԥгара шхымԥадатәиу шьақәҳарӷәӷәоит. Ари аԥсны Аҳәынҭқарразы акрызҵазкуа платформоуп, рыцҳарас иҟалаз, макьаназы акызаҵәык ауп ҳтәыла аинтересқәа ахьаҳҳәаша, иахьаҳахьчаша, амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра аус адулара ахьҳалшо», - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит аиҿцәажәарақәа рхықәкы хада аҳасабала амч ахамырхәаразы адокумент аус адулара шырҭаху, ргәы ишҭоу.

Аиԥылара алахәылацәа ҩаԥхьа ишьҭырхит Гал ақалақь аҿы аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм (МПРИ) аусура аиҭарҿыцра азҵаара. Аимак-аиҿак аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩ-ганк инаҵшьны иазгәарҭеит уи аиҭарҿиара иацхраауа аҭагылазаашьақәа рышьақәыргылара шхымԥадатәиу.

Аконсультациақәа раан аҳәамҭа ҟаҵан аҳәаа иахьаԥну аҭагылазаашьа агәҭынчымра узцәырнагом, иҭышәынтәаланы иаанхоит ҳәа.

«Ҳара, ҳганахь ала аҳәынҭқарратә ҳәаа ацәаҳәа зегьы ҳарӷәӷәалоит, уи – азин ахьыҟам аҭыԥқәа рҿы ахысра арежим аилагара алнамыршартә еиԥш", - ҳәа азгәеиҭеит аминистрра Аконсултә Департамент Аиҳабы Лаша Аҩӡба.

Аганқәа иара убасгьы иалацәажәеит аҩбатәи аусутә гәыԥ амшхәаԥштә, ҷыдала агуманитартә ҟазшьа змоу азҵаарақәа.

Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 66-тәи рраунд азыԥхьагәаҭоуп 2026 шықәса хәажәкыра 18-19 рзы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: