Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Аладатәи Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа алархәны аилатәара мҩаԥысит

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Аладатәи Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа алархәны аилатәара мҩаԥысит
17 October 2025 112

Жьҭаара 17 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Аладатәи ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи русуратә еиԥылара мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ЕС аҟынтәи ацхантәаҩ Магдалена Гроно, ОБСЕ аҟынтәи ацхантәаҩ ахантәаҩы Кшиштоф Ернст Спети, аиҿцәажәарақәа рҿы ООН ахаҭарнак инапынҵақәа назыгӡо Хаилу Мамо. Аԥсуа ган аҟынтәи аиҿцәажәарақәа ирылахәын: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа – Артур Гагәылиа, Лаша Аҩӡба.

Аиҿцәажәара шьаҭас иаман 2025 шықәса абҵарамза 11-12 рзы иазԥхьагәаҭоу аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд амшхәаԥштәи иахьатәи арегионалтә шәарҭадаратә зҵаарақәеи.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, еизаз рахь ихы рханы, аԥсуа жәлар рхыԥхьаӡара ахьмаҷу инамаданы, ршәарҭадара ахьчара зегь реиҳа ихадоуп ҳәа азгәеиҭеит. Уи иҳәеит, ареспубликаҿ цәыббра 30 рзы иазгәарҭаз Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш, ажәлар рсуверенитет ахьчаразы ирымоу агәазыҳәара иасимволуп ҳәа.

Аиԥылараҿы аганқәа зегьы ишьақәдырӷәӷәеит аҳәааҿы иахьа аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоу, ишҭынчу.

Ацхантәаҩцәа ҩаԥхьа Гал ақалақь аҿы аинцидентқәа рыԥхьырҟәҟәаареи рҭак аҟаҵареи Рмеханизм (МПРИ) аиҭахацыркра азҵаара шьҭырхит. Аиҿцәажәараан уи хра заманы аусуразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара аҵак ду шамоу азгәаҭан.

Аиԥылара иалҵшәа хаданы иҟалеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахархәара мап ацәкразы азинтә ҭакԥхықәра змоу Аиқәшаҳаҭра аус адулара, ақәшаҳаҭра, абжьаҵара аҵакы азы аганқәа реиқәшаҳаҭра.

Иара убас, аиԥылараҿы аганқәа агуманитартә зҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: