Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра ашьақәгылара 25-шықәса ахыҵреи Аекономист имши Адгәыр Арӡынба идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра ашьақәгылара 25-шықәса ахыҵреи Аекономист имши Адгәыр Арӡынба идиныҳәалеит
12 December 2018 945
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра ашьақәгылара 25-шықәса ахыҵреи Аекономист имши Адгәыр Арӡынба идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

"Гәык-ԥсык ала Шәареи шәколлективи Аекономист Имш ныҳәа шәыдысныҳәалоит! Ҳтәылаҿы даҽа акырӡа зҵазкуа, иналукааша ныҳәамшык ацлеит. Иахьа иҭоурыхтәу мшуп ҳәа иазгәаҭазарц ахәҭоуп, избан акәзар, 25 шықәса раԥхьа, Ҳтәылаҿы ихадараӡоу аусбарҭа хацыркын – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра еиҿкаан! Иарбанзаалак атәылаҿы ари аусбарҭада атәыла аус хадақәа рымҩаԥгара, ҳәарада, изалыршахом! Арҭ акырӡа зҵазкуа аҩ-мшык реицазгәаҭара хадароуп.

Ҳаҭыр зқәу Адгәыр Амиран-иԥа, Аекономист имш ныҳәа даҽазныкгьы шәадныҳәалауа, ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп Аԥсны аекономика аҿиара ус аҿы шәуалԥшьа анагӡараҿы анархеи ақәҿиарақәеи, аизҳазыӷьара шәыгмыз!".

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: