Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак (МККК) Амиссиа ахада Валери Џьемелло диԥылеит.
Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, 1992-1993 шш. раантәи бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара ахҭысқәеи анаҩстәи ахҭысқәеи инарымаданы хабарда ибжьаӡыз ауаа рлахьынҵа аилкааразы Акоординациатә механизм ахантәаҩы Дина Фишер, ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Марк Маурер, МККК Амиссиа ахада ихаҭыԥуаҩ Борис Казанба.
Аиԥылараан Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак аусура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәеи, иара убас ԥхьаҟатәи аинырра аԥеиԥшқәеи ирылацәажәан.
Олег Барцыц иазгәеиҭеит Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилаки иареи иааиԥмырҟьаӡакәа, аконструктивтә диалог рыбжьаҵара аҵак ду шамоу.
Валериа Џьемелло Олег Барцыц изеиҭалҳәеит Аԥсны иҟоу МККК Амиссиа аусура шцо, уи ахырхарҭа хадақәа, инагӡахараны иҟоу агуманитартә проектқәа ртәы.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа аконструктивтә еинырра ацҵареи наҟ-ааҟтәи аинтерес зҵоу азҵаарақәа рзы иааиԥмырҟьаӡакәа аусуратә еимадарақәа рыбжьаҵареи ишазхиоу шьақәдырӷәӷәеит.