Ажәабжь ҿыцқәа

20 September 2017 1017 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы  ашьҭит Мексикатәи Еиду Аштатқәа Адәныҟатәи русқәа Амаӡаныҟәгарҭахь цәыббра 19 рзы аҭыԥ змаз адгьылҵысра инадҳәаланы.
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Кавказнҭыҵ аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рзы Женеватәи жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа реиҧылара мҩаҧысит.
10 September 2017 997 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи аа-шықәса ахьҵыз инамаданы.
10 September 2017 953 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи аа-шықәса ахьҵыз инамаданы.
9 September 2017 788
Иахьа иҵит жә-шықәса Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеижьҭеи.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны иҟоу Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Ахаҭарнак ҷыда Гарри Кәыпалбеи реиԥылара мҩаԥысит.
2 September 2017 926 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Ареспублика Амшныҳәа инадҳәаланы.
1 September 2017 952
Цәыббрамза 2 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика ашьақәгылара 27 шықәса ахыҵра Приднестровие жәлар ирыдиныҳәалеит. Аныҳәатә еизараҟны адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит Приднестровие иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Александр Ватаман.
28 August 2017 920
Нанҳәа 27-31 рзы Ростовтәи аобласт аҟны имҩаԥысуеит жәларбжьаратәи аҿартә форум «Урыстәылатәи аполитикеи адипломатиеи рышкол». Афорум аусура иалахәуп Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Донецктәи жәлар рреспубликеи, лугансктәи жәлар рреспубликеи, Ермантәылеи, Молдавиеи, Украинеи, Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәеи рҟынтәи адипломатцәа ҿарацәа.
Нанҳәа 28 рзы Ареспублика Арцах Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Ареспублика Арцах Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карен Мирзоиани Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи реиԥылара.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: