Ажәабжь ҿыцқәа
24 October 2018 924
2018 шықәса, жьҭаара 3 рзы Кишинев ақалақь аҳаиртә баӷәазаҿы аҳәаахьчаҩцәа атәыла аҵакырахь инармышьҭит Гәдоуҭа араион ахада Руслан Ладариеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатә ареспублика аиҳабыра рхаҭарнак Гарри Кәыпалбеи. Дара ақалақь Дубассары Амш азгәаҭараз аныҳәаәт уснагӡатәқәа ирылахәхараны иҟан.
17 October 2018 1043
Жьҭаара 17 рзы Керчтәи аполитехникатә колледж аҟны иҟалаз аԥжәара иахҟьаны иҭахеит 19-ҩык, 50-ҩык рҟынӡа еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.
12 October 2018 609
«Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы» Акт ареспублика Апарламент аҿы ирыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаара 12 рзы.
Жәлар Реизараҿ адокумент рыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы имҩаԥгаз азеиԥшмилаҭтә референдум ашьҭахь.
Ахаша, жьҭаара 3 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоевы еиԥылеит. Аиԥылара ихы алаирхәит Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама ахада аб Виссарион Аԥлиа.
28 September 2018 1240
Қырҭтәыла аԥыза-министр Мамука Бахтаӡе, ООН Ассамблеиа хадаҿы дықәгыло аԥсуааи ауаԥсқәеи «сџьынџьуаа» ҳәа рзиҳәеит
25 September 2018 1549
Қырҭтәыла аԥыза-министр Мамука Бахтаӡе ООН амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш диԥылеит. Аиԥылараҿы ирылацәажәан Женеватәи аиҿцәажәарақәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш, арегион аҿы аҭагылазаашьа.
Ирантәи ақалақь Ахваз аҿы аҭыԥ змаз атеррористтә акт инадҳәаланы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Аислам Республика Иран Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь.
2018 шықәса цәыббра 20 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Тоиво Клаари, Джихан Султаноглуи, Рудольф Мичалкеи рԥылара. Даур Ақаҩба идикылеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа ҿыцқәа—ООН ахаҭарнак Џьихан Султаноглуи ОБСЕ ахаҭарнак ҷыда Рудольф Мичалкеи.