Аԥсны Адәныҟаполитикатә усбарҭа Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Зартәи арыцҳара 28 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
"Ауаҩытәыҩсара иацәтәыму ақырҭуа агрессиа зыуацәеи зҭынхацәеи зцәыӡыз ауаа ргәаҵаҿы ахааназ имӷьо хәраны иаанхоит. Абри арыцҳара амш аҽны Аԥсны ауаажәлар Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра ргәырҩа рыцеиҩыршоит, иргәаладыршәоит зыԥсҭазаарақәа ҿахырҵәаз» ҳәа аҳәоит адышшыларатә шәҟәаҿы.