«Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра» анапы аҵаҩуижьҭеи иҵит 27 шықәса

«Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра» анапы аҵаҩуижьҭеи иҵит 27 шықәса
22 January 2020 770
Ажьырныҳәа 22, 2020 шықәса рзы иҵит 27 шықәса «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра» анапы аҵаҩуижьҭеи.
1992-1993шш. рзы, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан анапы зҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра ишьақәнарӷәӷәеит аиашьаратә жәларқәа рыбжьара аиҩызара, иаанартит алшарақәа аусеицуразы.
Адокумент анапы аҵаҩуижьҭеи аԥсҭазаара иаларҵәоуп еиуеиԥшым аусхкбжьаратә еиқәшаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи. Иахьазы аҳәынҭқаррабжьаратә аиқәшаҳаҭра-зинтә база иаҵанакуеит 30 рҟынӡа еиқәшаҳаҭра.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи активла рыжәҩа еибыҭаны дара дара еицхыраауеит. Имҩаԥысуеит аполитикатә диалог, ганрацәалатәи аиныррақәа.
Ҳажәларқәа аҭоурыхтә иашази исуверентәу аҳәынҭқарраҿ анхарази ақәԥара рлахьынҵахеит. Аусеицура аҿиара аиуразы анапы зҵаҩу Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ԥхьаҟатәи аусеицура амҩаԥгара ҳшадгыло шьақәҳарӷәӷәоит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: