Ажәабжь ҿыцқәа

Абҵара 12 рзы Ареспублика Науру Ахада Барон Дивавеси Вака Аԥсны усутә визитла даҭааит.
4 November 2017 974 Анотақәа
Жәлар ракзаара Амш аныҳәа инадҳәаланы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иахь
3 November 2017 964
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны абҵара 2 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниеи Аахыҵ Кавказ азы Евроеидгыла Ахаҭарнак ҷыда иполитикатә бжьагаҩ Том Триери реиԥылара.
Жьҭаара 27 2017 рзы, Қырҭтәыла аиҳабыра реилатәараан Аԥыза-министр Георги Квирикашвили аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла аиҳабыра гәҭакны ишрымоу аԥсуа бызшәа аҿиареи ахьчареи рзы апрограмма ҷыда аус адулара.
2017 шықәса жьҭаара 23 рзы Боливариантәи ареспублика Венесуелаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Паптәи анунциа Альдо Джиордано (Aldo Giordano) иҟаиҵаз анаԥхьарала, далахәын Боливариантәи Ареспублика Венесуела аккредитациа зманы иҟоу адипломатиатә миссиақәа рхадацәа реиҿцәажәара. Аиҿцәажәара мҩаԥысуан Ватикан Ацҳаражәҳәарҭаҿы.
2017 шықәса, жьҭаара 17 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Франциа Амилаҭтә еизара адепутат, Апартиа «Угыл, Франциа» ахада Николиа Диупон-Ениани еиԥылеит Франциа Амилаҭтә Еизаар ахыбраҿы.
18 October 2017 927 Анотақәа
Даур Ақаҩба Алеко Гәарамиа дидныҳәалеит
14 October 2017 848 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы  рзынарышьҭит  аинрал Уалид Ҳамди Абаза Маршьан иуацәеи иҭынхацәеи.
12 October 2017 868
1999 шықәса жьҭаара 12 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны ирыдыркылеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы» Акт.
11 October 2017 1542
Жьҭаара 10-11 2017 шықәса рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 41 рраунд.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: