Цәыббра 27 азы Аҟәа ахы иақәиҭтәуижьҭеи 31-шықәса ҵит

Цәыббра 27 азы Аҟәа ахы иақәиҭтәуижьҭеи  31-шықәса ҵит
27 September 2024 249

Цәыббра 27 азы иҵит Аҟәа ахақәиҭтәра 31 шықәса ахыҵра. Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы аоперациа 12-мшы ицон. Напхгара арҭон атәылахьчара аминистр, аинрал-маиор Султан Сосналиеви Арбџьар мчқәа Рыштаб хада аиҳабы, аинрал-маиор Сергеи Дбари.

Иаҳкьыԥхьуеит Аԥсны атәылахьчара аминистрра адырра –1993 шықәса, цәыббра 28:

«Иацы, цәыббра 27 азы ихыркәшахеит Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәразы аоперациа. Аҳҭнықалақь аӷа импыҵхразы аоперациа 12-мшы ицон. Аибашьра ӷәӷәа аҟны 12 000-ҩык рҟынӡа иҟаз, акәылӡтехника, артиллериа, авиациа рыла еибыҭаз аӷа ир 2-тәи ркорпус шьаҟьан, анапахьы иааган абџьар, аџьаԥҳаны.

Цәыббра 27 асааҭ 13:30 рзы Аҟәа, Аиҳабыра рыҩны аҿы ҩ-сааҭктәи аибашьра ашьҭахь ҳаруаа ахыбра иҩналеит, уи зымҽхакыз аӷа ииааины аиааира абираҟ ахадыргылеит.

Аԥсны Арбџьар мчқәа афронт зегьы аҿы ржәылара иацырҵон. Мрагыларатәи афронт акомандаҟаҵаҩцәа раацҳамҭала аӷа Аҟәа-Очамчыра амҩаду аҿы имчқәа еизигоит. Ареспублика Арбџьар мчқәа аӷа инырша ааха ӷәӷәа ирҭоит».

АА АТӘА архив, ф. 1, оп. 1, д. 3, л 87; ашәҟәы «Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра. (1992–1993 шш.). Адокументқәеи аматериалқәеи. Т. I.» Аиқәыршәаҩ: В. М. Ԥачлиа.

 

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: