Ажәабжь ҿыцқәа

Жьҭаара 27 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистраҿы аминистр Даур Ақаҩба дидикылеит Аахыҵ Кавказ ПРООН ахаҭарнак ҷыда Ник Бересфорд.
20 October 2021 618
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы Шьамтәылатәи Арабьә Республика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ашҟа инанашьҭит Дамаск ақалақь аҿы жьҭаара 20 азы аҭыԥ змаз атеракт инадҳәаланы.
19 October 2021 692
Жьҭаара 19 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсни Никарагуеи рыбжьара авидеоконференциа. Аганқәа рҟынтәи авидеоконференциа иалахәын акультура, аҵарадырра, аспорт русхкқәа рхаҭарнакцәа.
Қырҭтәыла амчрақәа аҳәаазгәаҭареи алимитациа хыхреи рзы апроцесс хдыркәшароуп, аха уи Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара иҟоу аҳәааҿ ҳәа Қырҭтәыла аԥыза-министр И. Гарибашвили иҳәамҭа азхьаԥшра анаҭеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Қырҭтәыла ахада С. Зурабишьвили официалтә визитла Австриа лыҟазаараан аҳәамҭа ҟалҵеит Қырҭтәыла иҟоу ЕЕ анаԥшыҩцәа рмиссиа (МНЕС) Аԥсны аҵакыраҿы ишырҭаху рыҟазаара ахәҭоуп ҳәа.
54-тәи Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд мҩаԥысит жьҭара 12-13 азы.
6 October 2021 359
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба ихьӡала абри амшныҳәа иазкны.
4 October 2021 660
Жәларбжьаратәи арратә ҽазыҟаҵарақәа Eternity-2021, Азербаиџьани Ҭырқәтәылеи рыруаа алархәны, Қырҭтәыла рымҩаԥгара иалагеит жьҭаара 4 азы. Имҩаԥыслоит жьҭаара 8 рҟынӡа.
Цәыббра 21 азы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны аҵакыраҿы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ахьымҩаԥыргаз иақәыӡбны аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭаҟны иазгәаҭоуп асеиԥш алхрақәа рымҩаԥгара Қырҭтәыла асуверенитети аҵакыратә акзаареи еиланагоит ҳәа ишаԥхьаӡо.
Цәыббра 21 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба дырԥылеит Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: