62-тәи Жәларбжьаратәи ахәаахәҭра-ааглыхратә цәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Дамаск ақалақь аҿы қәҿиарала адгалара мҩаԥган аԥснытәи апавилион. Уи аусмҩаԥгатә асасцәеи алахәылацәеи рыбжьара акыр аинтересс рызцәырнагеит.
Апавилион аҭааҩцәа ирыднагалоит акыр ибеиоу аԥсуа жәлар ркультуреи рытрадициақәеи реилкаара, иара убас ақыҭанхамҩатәи атуристтәи аусхкқәа реихьӡарақәа рбара азы алшара аԥнаҵоит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп Аԥсны аинвестициатә лшара.
Акыр зҵазкуа хҭысны иҟалеит В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза апроект адгалара. Уи ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рыбжьара акыр азҿлымҳара аиуит.
Ацәыргақәҵа аҿы еизеит 50 тәыла еиҳаны ахаҭарнакцәа, традициала ишьақәгылахьоу Шьамтәыла апартниорцәа: Ҭырқәтәыла, Саудатәи Аравиа, Катар, Иорданиа, Египет (Мысра) Алада Африкатәи Ареспублика (ЮАР), Китаи, уҳәа егьырҭ атәылақәа уахь иналаҵаны.