Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мохаммед Али 24-тәи жәларбжьаратәи аргыларатә цәыргақәҵа BUILDEX 2026 аартра ацеремониа ихы алаирхәит
Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҭыԥантәи ахаланапхгареи иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабареи Рминистрра ааԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Мохаммед Али жәларбжьаратәи аргыларатә цәыргақәҵа BUILDEX 2026 аартра ихы алаирхәит.
Аартра ацеремониа иалахәын: атуризм аминистр Мазен Салехани, аҭыԥантәи ахаланапхгареи иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабареи рминистр Мохаммед Анжерани, Дамаск агубернатор Махер Марван Адлеби, Шьамтәылатәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәеи аџьармыкьақәеи русбарҭа адиректор Мохаммед Хамза, Шьамтәыла аккредитациа змоу адипломатиатә миссиақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа, аргылареи, аргыларатә материалқәеи, аенергетикеи, урҭ ирыдҳәалоу атехнологиақәеи рсекторқәа ирызҟазоу аҭыԥантәи жәларбжьаратәи аилахәырақәа рхаҭарнакцәа.
Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит амҽыша, рашәарамза 14, 2026 шықәсанӡа.