Цәыббра 13-16 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иҟоу Адипломат ҿарацәа Реидгыла аҟны иҟоу АҿР аделегациа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адипломат ҿарацәа Рхеилак анапхгара ааԥхьарала иалахәын адипломатцәа ҿарацәа IX Рглобалтә Форум "Абиԥара ҿыц Рдипломатиа: аглобалтә напхгараҭара асистема аиӷьтәраҿы аҿар рроль". Уи мҩаԥысуан Екатеринбург Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль аҳәаа иҭагӡаны, Россотрудничество, апрограмма "Абиԥара ҿыц", Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа рыцхыраарала.
Аделегациа аилазаара иалан Аԥсны АдәАР аусзуҩцәа Асҭанда Патараиеи Викториа Маланиеи.
Афорум еиуеиԥшым атәылақәа рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа ҿарацәа рыбжьара иахьатәи жәларбжьаратәи апроблематиказы аинырреи иаарту агәаанагарақәа реимдареи рзы иуникалтәу плошьадкоуп. Сынтәа афорум аусура рхы аладырхәит 40 ҳәынҭқарра рҟынтәи 100-ҩык инареиҳаны адипломатцәа.
Афорум аспикерцәа ҳәа иқәгылеит Урыстәыла АдәАР анапхгареи, жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә еилазаареи, АИХқәеи рхаҭарнакцәа, еицырдыруа аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа.
Афорум атематика сынтәа аглобалтә трансформациа аепоха аан жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рылацәажәара иазкын. Алахәылацәа ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы ихадоу атрендқәа ирылацәажәеит, ахырхарҭарацәатә дунеи ашьақәыргылареи амч ацентр ҿыцқәа рырӷәӷәареи налаҵаны.
Аекспертцәа адәныҟаполитикатә усура хра аманы амҩаԥгаразы ИИ, амедиа, ацифратә дипломатиа амыругақәа рхархәара азҵаарақәа ирыхәаԥшит.
"Адипломатцәа ҿарацәа рглобалтә форум – апрофессионалтә диалоги жәларбжьаратәи аимадарақәа рыҿиареи рзы акрызҵазкуа плошьадкоуп" - ҳәа азгәалҭеит Аԥсны АдәАР аҟны иҟоу АҿР ахантәаҩы Асҭанда Патараиа. "Абраҟоуп аспециалистцәа ҿарацәа алшара ахьрымоу рԥышәа аимдараз, рзанааҭтә еимадарақәа рырӷәӷәаразы, жәларбжьаратәи амшхәаԥштә актуалтә зҵаарақәа рыӡбараз азнеишьа ҿыцқәа рышьақәыргылара", ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит адипломат.
Иара убасгьы афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Уралтәи афедералтә университет (УрФУ) аҿы имҩаԥысит адипломат ҿарацәа Рглобалтә форум алахәылацәеи астудентцәеи реиԥылара.
Аусмҩаԥгатә амҩаԥгараан адәныҟаполитикатә усбарҭақәа русзуҩцәа русура аԥышәа астудентцәа ирымардеит, ажәа мҩақәҵагақәа рырҭеит, изызҿлымҳаз азҵаарақәа зегьы рҭак ҟарҵеит.
Аусмҩаԥгатә ахыркәшаратә етапны иҟалеит афорум аихшьаалатә документ адкылара. Адокумент аҿы традициала иазгәаҭоуп аспециалистцәа ҿарацәа актуалтә дунеитә проблемақәа рызнеишьақәа, «иформалым адипломатиа» апринципқәа, иара убас еиуеиԥшым атәылақәа рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара аинырра аформат ҿыцқәа.