Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иҟоу адипломат ҿарацәа рхеилак ААУ «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҭоурыхи ртеориеи» акафедра астудентцәа рзы алектори еиҿнакааит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иҟоу адипломат ҿарацәа рхеилак ААУ «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҭоурыхи ртеориеи» акафедра астудентцәа рзы алектори еиҿнакааит
14 May 2026 54

Лаҵарамза 13, 2026 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иҟоу адипломат ҿарацәа рхеилак ААУ «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҭоурыхи ртеориеи» акафедра астудентцәа рзы алектори еиҿнакааит.

Алектори мҩаԥган лаҵара 17 рзы иазгәарҭо Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра аламҭалазы.

Аусмҩаԥгатә иалахәын аусбарҭа анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Ирина Тураа, акафедра аиҳабы Есма Гәыргәлиа.

Алектори аартуа АҾР ахантәаҩы Асҭанда Патараиа иазгәалҭеит: «Алектори амҩаԥгара — ари амҩақәҵара стратегиатә ресурск аҳасаб алеи абиԥарақәа рышьҭреимадареи рзы ихадоу елементны азхаҵароуп.

Ҳара хықәкыс иҳамоуп аԥсуа дипломатиатә маҵзура атрадициақәа реиқәырхара алзыршо адиалог амҩаԥгара. Сгәыӷуеит ҳусзуҩцәа рԥышәа гәацԥыҳәараны ирзыҟалап ҳәа ртәыла гәакьа аинтересқәа рымаҵ ауразы амҩа аамсҭашәа алызхырц зыӡбаз».

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны иқәгылеит:

Аппарат анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, АдәАР апресс-маӡаныҟәгаҩ Алиса Барзаниа - «Аусбарҭа ашьақәгылара аҭоурыхи аҳәынҭқарратә мчра аструктураҿы иааннакыло аҭыԥи рзы»;

АҾР ахантәаҩы, Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцуразы Адепартамент ареферент еиҳабы Асҭанда Патараиа – «Адипломат ҿарацәа Рхеилак аусура ахырхарҭақәеи ахырхарҭа хадақәеи рзы»;

аҳәынҭқарратә ԥкаанҵа Адепартамент ареферентцәа Асҭамыр Асабуеи Саид Ҭарбеи – «Аԥкаанҵатә маҵзура аусура аҷыдаразы»;

аканцелиариа Адепартамент ареферент, аиҭагақәа рыҟәша ареферент-аиҭагаҩ Милана Аԥшьлаа– «Абызшәа адәныҟатәи аполитика амыругеи асуверенитет афактори раҳасаб ала»;

жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцуразы Адепартамент ареферент, АҾР ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Викториа Маланиа – «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы иҟоу иеиҳабыратәыми ИАР амаҵзурақәеи аус рыцуразы».

Аусмҩаԥгатә иаарту адиалог аформат ала имҩаԥысит. Ақәгыларақәа анхыркәшаха имҩаԥысит аимак-аиҿактә сессиа, уи аан апрофильтә кафедра астудентцәа ирыман алшара изызҿлымҳаз азҵаарақәа рыҭараз.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: