Ажәабжь ҿыцқәа

23 March 2023 454
Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аилак ахь адныҳәаларатә шәҟәы неишьҭит иара ашьаҭаркра 30 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
Хәажәкыра 2 азы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 57-тәи араунд аламҭалаз аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи Аԥсны аделегациеи авидеоконференциа мҩаԥыргеит Аԥсны ААР аҿы.
Хәажәкыра 21 азы Аҳәынҭқарра Палестина Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит ауснагӡатә – Палестина акультуреи адгьыли Рымш.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалины реиԥылара.
21 March 2023 262 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба урыстәылатәи иколлега Сергеи Лавров иирамш идиныҳәалеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Ливантәи Ареспубликеи Афганистани иҟоуп.
15 March 2023 513
Хәажәкыра 14, 2023 шықәсазы Белград (Ареспублика Сербиа) имҩаԥысит аԥсуа гани ақырҭуа гани злахәыз хабарда ибжьаӡыз рызҵаарақәа рзы Акоординациатә механизм 14-тәи аилатәара.
2023 шықәса хәажәкыра 9 азы Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа далахәын афотоцәыргақәҵа "Венесуэла не угроза, Венесуэла – надежда" аартра.
Ҳаҭыр зқәу ажәлар, Аԥсны анапхгара, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Атәылахьчара аминистрра, Ашәарҭадаратә маҵзура Қарҭ имҩаԥысуа ахҭысқәа ирышьклаԥшуеит, Қарҭ имҩаԥысуа аҳәынҭқарратә шьақәгылара аиҭакроуп иззырхо.
2023 шықәса хәажәкыра 5 азы Ареспублика Доминикана Адәныҟатәи аусқәа рминистр Роберто Маркаие Абреу инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа далахәын Доминиканатәи Ареспублика ахьыԥшымра 179-шықәса ахыҵра.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: