Ажәабжь ҿыцқәа

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа  46-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәын 10-11 рзы. Уи аламҭалаз Аԥсныҟа иааиит  аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рлахәылацәа: Тоиво Клаар, Джихан Султаноглу, Рудольф Михалка.
Берлин, Азеиԥш бызшәадырра Леибниц-центр аҿы (ZAS) имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аконференциа "Ақалақь дуқәа абызшәа маҷқәа". Иара иалахәын аҵарауаа-алингвистцәа, еиуеиԥшым адиаспорақәа рхаҭарнакцәа. Аԥсуаа, абаскцәа, акаталонцәа, анепалцәа, тагалогаа, фулаа уҳәа егьырҭгьы ирыман алшара ртәылеи рбызшәеи рҭоурых иалацәажәарц.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра аанарԥшуеит НАТО и Қырҭтәылеи рыбжьара аусеицура еиҳа-еиҳа ахьаҽарӷәӷәо.
2018 шықәса, абҵара 12 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела агазеҭ  EL LIDER аҿы иркьыԥхьит астатиа «Аԥсны –аспорт атәыла»
6 November 2018 772 Анотақәа
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә усбарҭа «Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра» иахьа иналукааша аныҳәамш азгәанаҭоит. 40 шықәса – имаҷым ари аамҭа. Уаҩытәыҩсатә ԥсҭазаарак иаҟароу, зхатә ҭоурых беиа зымҽхазкхьоу, иара убри аамҭазгьы акыр шықәса лаша заԥхьаҟа иззыԥшу уалԥшьа дууп.
4 November 2018 631 Анотақәа
Жәлар ракзаара Амш аныҳәа инадҳәаланы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иахь
31 October 2018 599 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Индонезиа адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адгьылбжьаха Иава ааигәара амшын иалаҳаз авиалаинер иҭаз 189-ҩык ауааԥсыра рыԥсҭазаара ралҵра инамаданы.
Москва имҩаԥысит изаамҭанытәиу аконсультациақәа, 2015 шықәса хәажәкыра 11 рзы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара анапы зҵаҩу Амеморандуп иазыԥхьагәанаҭо адәныҟаполитикатә координациа амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны.
24 October 2018 910
2018 шықәса, жьҭаара 3 рзы Кишинев ақалақь аҳаиртә баӷәазаҿы аҳәаахьчаҩцәа атәыла аҵакырахь инармышьҭит Гәдоуҭа араион ахада Руслан Ладариеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатә ареспублика аиҳабыра рхаҭарнак Гарри Кәыпалбеи. Дара ақалақь Дубассары Амш азгәаҭараз аныҳәаәт уснагӡатәқәа ирылахәхараны иҟан.
17 October 2018 1027
Жьҭаара 17 рзы Керчтәи аполитехникатә колледж аҟны иҟалаз аԥжәара иахҟьаны иҭахеит 19-ҩык, 50-ҩык рҟынӡа еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: