Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аԥсны АдәАР аусуразы инарҭбаау адыррақәа идигалеит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аԥсны АдәАР аусуразы инарҭбаау адыррақәа идигалеит
18 September 2026 87
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аилацәажәара иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.

Аилацәажәараан Олег Барцыц Аԥсны АдәАР аусуреи уаанӡа атәыла ахада адәныҟаполитикатә хырхарҭала ииҭахьаз анапынҵақәа рынагӡареи рзы инарҭбаау ажәахә ҟаиҵеит.

Олег Барцыц иажәахә аҿы аҳәынҭқарра ахада адырра ииҭеит адәныҟаполитикатә усура ахырхарҭа хадақәа рынагӡашьазы – ҩ-ганктәи аидгыларатә еинырра аҿиареи, жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәареи, Аԥсны адәныҟатәи аполитика априоритетқәа раларҵәареи налаҵаны.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азхаҵара арҭбаареи, иара убас жәларбжьаратәи аплошьадкақәа рҿы уи апозициақәа рырӷәӷәареи рзы аусура.

Олег Барцыц иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рылахәхара аҵакы шамоу Аԥсны Аҳәынҭқарра апозициа аарԥшреи уи аинтересқәа рыхьчареи рзы ихадоу жәларбжьаратәи аплошьадкақәа ируакны иԥхьаӡаны.

Олег Барцыц аҳәаанырцәтәи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа русура акоординациа азуразы уажәтәи аусуреи аминистрра аусура ԥхьаҟа аԥыжәара зырҭо аусқәеи рзы адырра ҟаиҵеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: