Ажәабжь ҿыцқәа
Ԥхынгәымза 5 рзы, Ареспублика Никарагуа иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Наур Хышбеи Боливариантәи Ареспублика Венесуела ахьыԥшымра Амш 215-шықәса ахыҵра азгәаҭара рхы аладырхәит.
Никарагуа Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Наур Хышбеи Манагуа иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит.
6 July 2026 36
Ԥхынгәы 5 рзы Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниеи Аԥсны АдәАР анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани италиатәи авеб-телеканал Altrementi TV ишиашоу ицо аефир рхы аладырхәит. Апрограмма амҩаԥгаҩыс дықәгылеит аканал ашьаҭаркҩы, италиатәи ажурналист Артур Феррара.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев имшира идиныҳәалеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистррахь адныҳәаларатә нота нанашьҭит Боливариантәи Ареспублика Венесуела ахьыԥшымра Амш инамаданы.
Аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд актәи амш аатит еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи рзы Амеханизм (МПРИ) аусура аԥышәа иазку аинформациатә сессиа ала.
1 July 2026 35
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-тәи араунд аҳәаақәа ирҭагӡаны аусура иацнаҵоит
1 July 2026 30
Ԥхынгәы 1 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо, аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков иҟынтәи агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа идикылеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба иира амш идиныҳәалеит.