Ԥхынгәымза 14, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков диԥылеит.
Аиԥылараан аганқәа ҩ-ганктәи азҵаарақәа жәпакы рзы инҭырҳәцааны ргәаанагарақәа реимдара иацырҵеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭан аусеицура апрактикатә аспектқәа, хаҭала ҩ-ганктәи аинырра арӷәӷәаразы еицырзеиԥшу ашьаҿақәа разԥхьагәаҭара.