Мшаԥы 27 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Жәлар Рдипломатиа Ацентр ахаҭарнакцәа: анагӡаратә директор ихаҭыԥуаҩ, аҵаратә проектқәа Рдепартамент анапхгаҩы Валери Мановицкаиеи аҵаратәи акультуратәи проектқәа рменеџьер Софиа Ҳагԥҳаи идикылеит.
ЖәРА ахаҭарнакцәа Адәныҟатәи аусқәа рминистр изеиҭарҳәеит Ацентр аусура, аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аус ацура ртәы, иалацәажәеит аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Новосибирсктәи аҳәынҭқарратә техникатә университети рыбжьара атехнонаставничество апрограмма.
Аиԥылараан аганқәа алацәажәеит жәлар рдипломатиа аусхк аҟны аусеицура аҿиара, агуманитартә еимадарақәа рырҭбаара, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи структурақәа рыбжьара аинырра арӷәӷәара, аҿар аус рыдулара аҵак ду шрымоу.
.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Жәлар Рдипломатиа Ацентр ахаҭарнакцәа Валериа Мановицкаиеи Софиа Ҳагԥҳаи реиԥылара мҩаԥысит
27 April 2026 49