Жьҭаарамза 23 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы Алиса Гыцԥҳа еиҿылкааз IV Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа «Амузыка – дгьыли ҳәааи зыбжьам адиалог» аҿы аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьара ацеремониеи агала-концерти мҩаԥысит.
Никарагуатәи Афонд «Инканто» (Никарагуатәи авокалтә институт) ахапанагӡаҩ Катерин Веласкес аоператә ашәаҳәара акноминациаҿы аҩбатәи аԥхьахә ланашьан. Аҳамҭа лнапы иаиркит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц. Катерина Веласкес Ирина Самодаева л-Фонд аҟынтәигьы иҷыдоу аҳамҭа лоуит: Мексика ателехәаԥшраҿы аконцерти асолотә концерти рымҩаԥгара.