"Уаҵәтәи амш ахь ашьаҿа" ахҳәаа азиуит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба

"Уаҵәтәи амш ахь ашьаҿа" ахҳәаа азиуит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба
5 April 2018 2565
Қырҭтәыла Аԥыза-министр Георги Квирикашвили "Уаҵәтәи амш ахь ашьаҿа" захьӡу, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руааԥсыра ргуманитартәи рсоциал-економикатәи ҭагылазаашьа аиӷьтәра иазырханы иишьо аԥшьгамҭа ҟаиҵеит. Аԥшьгамҭа ахҳәаа азиуит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

«Аԥсны-ихьыԥшыму, исуверентәу ҳәынҭқарроуп. Уаҵәазы еиӷьу ҭагылазаашьаны иҟалар зылшогьы Қырҭтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵареи аҳәынҭқаррабжьаратә диалог амҩаԥгареи роуп. Ари апроцесс иаваҟәало аҽа усхкык ыҟаны иҟам» - иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба. Иара убасгьы иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аҽазныкгьы адунеитә еилазаара ажьара хықәкыс иҟанаҵеит ҳәа. Иара игәаанагарала ақырҭуа ган рыгәҭакқәаҵәҟьа мцԥаршеила
ихырҩоит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: