Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра алаҳәара Акт адкылара Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
"Ари амш Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ахақәиҭреи ахатәҳәаақәҵареи рзы иааишьа змам ргәаҳәара иасимволуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра ԥсахрада Аахыҵ Уаԥстәыла иалнахыз исуверентәу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра ашьақәыргылареи ахатәы милаҭтә проект арҿиареи рымҩа иадгылоит.
Ҷыдала, гәыбылра дула исгәаласыршәоит Цхинвал ақалақь аҿы аԥсуа делегациа иазыҟаҵаз асасдкылара ду, иара убас зегь реиҳа ацәанырра бзиақәа сзаанзыжьыз аҵыхәтәантәи хаҭалатәи ҳаиԥылара.
Агәрагара ӷәӷәа аасырԥшуеит ҳажәларқәа аринахысгьы реизыҟазаашьа аидгылара шьаҭас ишаиуа, ганрацәала жәларбжьаратәи азхаҵарахь амҩа ишеицықәло».
Олег Барцыц Аминистрра аколлектив зегьы аҭакзыԥхықәу адипломатиатә усуреи аҭынч жәҩани рзеиӷьеишьеит.