2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 19 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто иҟаиҵаз ааԥхьарала, ашықәс анҵәамҭеи иааиуа Қьырса ныҳәеи Ашықәс ҿыцтәи аныҳәақәеи ирызкны Венесуела аккредитациа змоу адипломатиатә хаҭарнакцәа ирзымҩаԥгаз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит. Аиԥылара мҩаԥысит Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
Аусмҩаԥгатә аҿы аминистр Иван Хиль ажәахә ҟаиҵеит, уаҟа 2024 шықәсазы Венесуела ажәлар ирхыргаз ауадаҩрақәа ртәы далацәажәеит, иазгәеиҭеит, асанкциақәа ирыхьмырԥшыкәа Венесуела ари ашықәс азы аҩныҵҟатәи ахашәала 7% рыла ишышьҭнахыз. Иара иҳәеит ажәларқәа рыбжьара аҭынчреи аиашьареи ахьыҟазаауа, еиҳа ииашоу, ахырхарҭарацәатә дунеи аԥҵхап ҳәа агәыӷра шимоу.
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи аминистр Иван Хили аиҿцәажәара мҩаԥыргеит. Аминистр аиашьаратә саламқәеи азеиӷьашьарақәеи изааиҭиит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Шамба.
