Ажәабжь ҿыцқәа

19 June 2018 1418 Анотақәа
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь  Бендера аҿтәи атрагедиа 2 6шықәса ахыҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.
15 June 2018 863
Лаҵарамза 13 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Урыстәылатәи Афедерациа адгьылҵакыраҟны FIFA Ашьампылампыл асразы адунеи ачемпионат амҩаҧгара инамаданы хықәкы ала иаауа атәым тәылауаа атуристтә Аҧсны Аҳәынҭқарра аамҭала визада ралалара ашьақәыргыларазы Аусҧҟа.
13 June 2018 817 Анотақәа
Рашәарамза 12 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
1 June 2018 1011
Мрагыларатәи атәылақәак Шьамтәылатәи Арабтә республика иақәыӡбеит иара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра ахьазханаҵаз.
31 May 2018 743 Анотақәа
Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьев Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба идиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Ареспубликеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара.
29 May 2018 922
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит Шьамтәылатәи Ареспублика
22 May 2018 759
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭеит Аԥсны, лаҵарамза 21 рзы.
21 May 2018 1161
Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев далахәын Владикавказ, лаҵара 21 рзы имҩаԥысыз Олег Мамиев аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа.
17 May 2018 675
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 25 шықәса ахыҵра иазкны Аминистрцәа Реилазаара азал ду аҟны лаҵара 17 рзы имҩаԥысит аныҳәатә еилатәара.
15 May 2018 815
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩыс  Алеқсеи Двинианин иҟалараз 2018 шықәса хәажәкыра 30 рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла Ахада Владимир Путин. Лаҵара 14 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц  Алеқсеи Двинианин дидикылеит агәраргагатә шәҟәыбӷьыцқәа реимдаразы.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: