Ҳаҭыр зқәу Гуттериш, шәхаҵкы!
Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы агәыҕреи агәеизҳара дуи рызцәырнагеит ҩнызқьи жәибжь шықәса ажьырныҳәа аказын, шәмаҵзура ҳаракы аанкылауа, адунеи ажәларқәа рахь иҟашәҵаз Ааҧхьара.
Ҳара инагӡаны ҳазыразуп зымҽхак ҭбаау аҭынчра алыршаразын шәааҧхьараҿы иарбоу ипринципиалтәу азнеишьа. Уи излаҳәо ала, аҭынчра залыршахом аҳәынҭқаррақәеи ажәларқәеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭымреи аконфликтқәеи аҧыхымкәа.
Аҧсны инхо ажәлар ирхыргахьеит аибашьра иацу агәаҟрақәа, аибашьра ашьҭахьтәи ахьанҭарақәа, еилыркаауеит , насгьы изыҧсоу, иаҵанакуа рдыруеит аҭынчра. Хазы аҟазаара азин алыршаны, Аҧсны Аҳәынҭқарра ашьҭоуп иареи Қырҭтәылеи рыбжьара ҭынчлатәи Аиқәшаҳаҭра абжьаҵара.
Уи аҵыхәа ҧнаҵәар алшоит акыр - шықәсатәи ақырҭуа-аҧсуа еиҿагылара. Аҧсны ахаҭарнакцәа активла ирылахәуп Аахыҵ-Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи ирызкыу Женеватәи аиҿцәажәарақәа. Жәларбжьаратәи аформат змоу абарҭ аиҧыларақәа рҿы мацароуп ҳара иахьҳамоу алшара– ҳпозициақәа раарҧшразын, ҳгәаанагарақәа рҳәаразын– ҳара ҳзын актуалра зҵоу азҵаарақәа ирызкны.
Иазгәаҭатәуп иара убас ари иакзаҵәыкыу жәларбжьаратәи ҭыҧны ишыҟоу Аҧсни Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа реиқәшәаразын. Иара убри аамҭазын, Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа рхатәы позициа ацәыргаразын ирымоуп алшара ҭбаақәа. Урҭ ықәгылоит еиуеиҧшым жәларбжьаратәи аҩаӡарақәа рҿы, хьыӡҳәала, аҳаҭыр ду змоу Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаараҿы. Аҧсны Аҳәынҭқарра ус еиҧш иҟоу алшара амам. Ари– аҧсуа ақырҭуа ганқәа еиҟарам аҭагылазаашьа рызцәырнагоит. Асеиҧш иҟоу азнеишьа – Аҧсны Аҳәынҭқарра апозициақәа рыӡбахәала, насгьы иааидкыланы ақырҭуа –аҧсуа конфликт азы, ииашам , иобиективтәым агәаанагара цәырнагоит адунеитә уаажәларра рыҩныҵҟа.
Ҳгәы иаанагоит, асеиҧш аҭагылазаашьа ыҟанаҵы– аҭынчреи, иҟоу аиқәшаҳаҭымрақәеи раҧыхра залыршахом ҳәа.
Агәыҕра сымоуп, ҳаҭыр ду зқәу Гутерриш, шәхаҵкы, 2017 шықәса ииашаҵәҟьаны аҭынчра иашықәсхап ҳәа. Аха уи ус иҟлаҵәҟьарц азын, ҳшьаҿақәа зегьы азаҳкроуп зинла еиҟароу, наҟ-ааҟтәи аҳаҭыреиқәҵара шьаҭас измоу, аҩ-ганк ринтерес ҳасаб азызуа адиалог иазкыу алшарақәа раҧҵара.
Хыхь иҳәоу ҳасаб азуны, аҵак дуи ахықәкы иашеи змоу усны сахәаҧшуеит зҵаарак: ақырҭуа-аҧсуа конфликт апроблематика иадҳәалоу ахатәы позициа лабҿаба ацәыргаразын , Аҧсны Аҳәынҭқарра иамазароуп алшара– Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаараҿы ақәгыларазын.
Ари аҽазышәара Шәара шәганахьала крызҵазкуа шьаҿахон, насгьы шаҳаҭра аур алшон, Шәара шәызхагылоу, пату зқәу жәларбжьаратәи аиҿкаара, аконфликтқәа ҭынч мҩала рыӡбара ҕәҕәала ишазыхиоу азы. Иара убас ари Аиҿкаара шазыхиоу азы, зегьы еицырзеиҕьу, иаарту, зинла еиҟароу адиалог.
Даур Ақаҩба Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гуттериш ишҟа иҟаиҵаз Ааҧхьара
5 January 2017 6747