Адипломатиатә документқәа рыхкы хадақәа.


Адипломатиатә документқәа рыхкы хадақәа.

Еиҳа алаҵәара зманы иҟоу дипломатиатә документқәаны ишьоуп: ажәанҵақәа, амеморандумқәа, ашәҟәқәа.

Ажәанҵақәа еихшоит:

- ахатәқәа;

- аҿырҳәалатәқәа;

- амҩаԥгаратәқәа.

Ахатә жәанҵа нарышьҭуеит аҵак ду змоу азҵаараз ма хҭыс дук иазку аинформациаз. Ажәанҵа знапы аҵазыҩуа ихьӡала, актәи ахаҿала ишьақәдыргылоит.

Аҿырҳәалатә жәанҵа – еиҳа ахархәара змоу  документтә формоуп адипломатиатә шәҟәеимдараҿы. Аҿырҳәалатә жәанҵақәа рхы иадырхәоит  еиуеиԥшым азҵаара рацәа рыхәаԥшреи рыӡбреи раан. Ари ажәанҵаҿ ирылацәажәоит аполитикатә, аекономикатә, аҭҵаарадырра-техникатә уҳәа ҩ-ганктәи ма ганрацәалатәи азҵаарақәа. Аҿырҳәалатә  жәанҵақәа ирылагоит, иагьыхдыркәшоит рҽхәаԥхьӡыла.

Аҳәынҭқарра, аҳәаанырцә ҳәынҭқарра адипломатиатә хаҭарнакрахь адипломатиатә каналқәа рыла инанашьҭуа аусбарҭатә документқәа амҩаԥгаратә жәанҵа рыцзароуп. Амҩаԥгаратә жәанҵа  Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала, ахԥатәи ахаҿала иеиҿкаазароуп.

Амеморандум азҵаара аганқәа зегь ҭызҵаауа,  еиуеиԥшым аспектқәа анализ рзыҟазҵо, апозициа ахьчара зуа аҵаҵӷәы иалацәажәо, егьи аган  агәаанагара ашьақәырӷәӷәагақәа аазырԥшуа документуп.

Амеморандум ахатәы ма ҿырҳәалатә жәанҵақәа ирыцҵазар ҟалоит, ма зхала иҟоу документны иҟазар ҟалоит.

Ахатә шәҟәы афициалбжатә ҟазшьа змоу документуп. Ирдыруа аофициалтә хаҿқәа ирзынарышьҭуеит аофициалтә шәҟәеимдара ма аиҿцәажәара ирмаҭәару азҵаарақәа рыӡбразын цхыраарак аҭахны ианыҟоу,  ашәҟәы ззынашьҭу ахаҿы абри азҵаара аӡбраҿы анырра ҟаиҵарц  автор аинтерес иманы даныҟоу. Ашәҟәы рыҩуеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра абланк аҿы, амҩаԥгаратә жәанҵа ацҵаны ирышьҭуеит.

 

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: