Ҭыжәба Иракли Вахтанг-иԥа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ

Ҭыжәба Иракли Вахтанг-иԥа

Ҭыжәба Иракли Вахтанг-иԥа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ


Аинырраз аинформациа

Аҭыӡҭыԥ: 384900 Лакоба имҩ. 21, ақ. Аҟәа
Аҭел: +7 (840) 229 - 75 - 89
E-mai: secretariat@mfaapsny.org 


Инысымҩеи икариереи

Диит 1978 шықәса, жьҭаара 13 рзы, Аԥснытәи АССР, ақ. Аҟәа

1997шықәса рзы дҭалоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет, аҭоурых-зиндырратә факультет.  2002 шықәса рзы далгоит

2002 - 2004 шш. рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аррамчрақәа рҟны аррамаҵзура дахысуеит

2004 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аусура далагоит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиуеиԥшым амаҵзурақәа ныҟәигоит (Аинформациа-аналитикатә ҟәша аиҳабы; Урыстәылеи ИАР атәылақәеи рыҟәша аиҳабы; Аполитикатә ҟәша аиҳабы; аминистр ицхырааҩ)

2015 шықәса раахыс Женеватәи аиҿцәажәарақәа дырлахәылоуп

2020 шықәса ԥхынҷкәынмза аахыс  Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа ахадас дыҟоуп

2013 шықәса рзы ианашьан адипломатиатә ранг – иҷыдоуи азинмчреи змоу Анашьҭҩы, II акласс (УП №70  16.05.2013ш.)

2020 шықәсазы ианашьоуп адипломатиатә ранг – аҷыдалкаатәи  азинмчнагӡеи змоу I акласс Анашьҭҩы (АИ №56, 05.03.2020ш.)

Дҭаацәароуп. Аԥеи аԥҳаи имоуп.



Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: