Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра 202-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит

Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра 202-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит
18 September 2023 446

Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра 202-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Даиси Торрес Боскес инаԥхьарала цәыббра 15 рзы.

Ауснагӡатә мҩаԥган Амилаҭтә пантеон аҿы, Каракас.

Ацеремониа ахадараҿы иҟан Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Азиеи, Мрагылара ааигәеи Окианиеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Татиана Пиу Моренои Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Даиси Торрес Боскеси.

Ацеремониа иалахәын Венесуела аккредитациа зманы иҟоу адипломатиатә миссиақәа рхадацәа, рхаҭарнакцәа, ацҳаражәҳәаҩцәа, АИХқәа русзуҩцәа, асасцәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: