Ажәабжь ҿыцқәа

Ԥхынгәы 21 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа идикылеит Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоеви Венесуелеи Никарагуеи иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Нарим Козаеви.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчнагӡеи алкааҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа далахәын Ареспублика Никарагуа Асандинисттә револиуциа аиааира 45 шықәса ахыҵреи Беларуссиа анемец-фашистцәа рҟнытәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи 80 шықәса аҵреи ирызкыз аныҳәатә концерт.
2024 шықәса ԥхынгәы 10 азы азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто инаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела аполитикатә зҵаарақәа иахьрылацәажәоз ауснагӡатә далахәын.
Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али ихы алаирхәит урыстәыла-шьамтәылатәи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара 80 шықәса рхыҵра иазкны имҩаԥгаз Сиднеитәи аберҭыԥ ашкол аоркестр аконцертныҳәа.
Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Хосе Биоморге инаԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али адокументалтә фильм «Карабобо азы аибашьра» дырбара далахәын.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив агәалсра ду аанарԥшуеит иналукааша алитератор, афилолог, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Фадиль Арҩҭаа иԥсҭазаара иалҵразы.
2024 шықәса ԥхынгәы 3 азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Беларусь азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Андреи Молчан инаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Беларусь Ахьыԥшымра Амши афашист мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи 80 шықәса аҵреи ирызкыз ауснагӡатә далахәын.
2024 шықәса рашәара 28 азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуелеи Китаии рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара 50 шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатә далахәын.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Урыстәылатәи Афедерациеи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи реизыҟазаашьақәа рырҿиара азы аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәыла Ахада ихаҭарнак, Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Ефимов диԥылеит.
2024 шықәса рашәара 11 азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергея Мелик-Багдасаров инаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Урыстәыла Амш иазкыз ауснагӡатә далахәын.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: