Баграт Хәытаба Ареспублика Индиа ахьыԥшымра 75-шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа дрылахәын

Баграт Хәытаба Ареспублика Индиа ахьыԥшымра 75-шықәса  ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа дрылахәын
15 August 2021 591

2021 шықәса нанҳәа 15 азы Дамаск иҟоу Индиа Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Ареспублика Индиа ахьыԥшымра 75-шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа дрылахәын. Ауснагӡатәқәа иара убасгьы дрылахәын Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аполитикатә зҵаарақәа рзы абжьгаҩ Муҳаммад Али.

Ауснагӡатә иалахәын Шьамтәыла иҟоу аккредитациа змоу адипломатиатә усҳәарҭақәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: