Баграт Хәытаба Шьамтәыла адгьылҵысраан аԥсуа диаспора иаҵанакуа аӡәгьы дҭамхеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит

Баграт Хәытаба Шьамтәыла адгьылҵысраан аԥсуа диаспора иаҵанакуа аӡәгьы дҭамхеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит
25 February 2023 162

Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Шьамтәыла адгьылҵысраан аԥсуа диаспора иаҵанакуа аӡәгьы дҭамхеит, ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит уи азы Аԥсны АИХқәа рҿы ицәырҵыз аинформациа ахҳәаа аҭо.

«Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аимадара амоуп Аԥсны ААРи Шьамтәыла ААРи иара убасгьы Адыга-Хасе Ассоциаициеи рҿы. Иҟоу шыҟоу азы аинформациа иаша амоуп» ҳәа иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Уи адагьы иара аҳәара ҟаиҵеит Аԥсны ААР ахь аҭыԥантәи аусбарҭақәа иарбанызаалак ринформациа гәарҭаларц рабжьнагарц.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: