Москва иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин

Москва иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит  Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин
4 May 2018 763
Москва иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ  Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин.

Урыстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ  Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини реиԥылараан Игор Ахба асас изеиҭеиҳәеит Ацҳаражәҳәарҭа аусура атәы, далацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи русеицура ԥеиԥшқәаны иаманы иибо.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ  Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин иакәзар иаԥхьаҟатәи ипланқәа дрылацәажәеит. Ацҳаражәҳәаҩцәа рҩыџьа ақәгәыӷуеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ахықәкы рыманы русеицура  дырманшәалап ҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: