Инар Ладариа аныҳәа ихы алаирхәит

Инар Ладариа аныҳәа ихы алаирхәит
13 September 2023 230

Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчнагӡеи алкааҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа далахәын Ареспублика Никарагуа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә церемониа.

Ауснагӡатә иалахәын: Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндрес, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчнагӡеи алкааҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, аинвистициақәеи, ахәаахәҭреи, жәларбжьаратәи аусеицуреи рызҵаарақәа рзы Никарагуа ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега, аиҩызараз апарламенттә гәыԥ Никарагуа-Аԥсны ахада, адепутатцәа, Асандинисттә ҿар ргәыԥ алахәылацәа, Никарагуеи Аԥсни рофициалтә хаҿқәа.

Рубена Дарио ихьӡ зху Амилаҭтә театр аҿы имҩаԥысит аныҳәатә концерт. Никарагуа аҳәынҭқарратә оркестр, адирижиор Рамон Родригес инапхгарала инанагӡеит аԥсуа классикатә музыка.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: