Инар Ладариа акаҳуа аҽаҩра аизгара асезон аартразы ауснагӡатә далахәын

Инар Ладариа акаҳуа аҽаҩра аизгара асезон аартразы ауснагӡатә далахәын
16 October 2023 164

Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа акаҳуа аҽаҩра аизгара асезон аартразы жьҭаара 14 азы имҩаԥысуаз ауснагӡатә далахәын.

Ацеремониа аартраҿы дықәгылеит Ареспублика Никарагуа афинансқәеи аҳәынҭқарратә кредити рминистр Иван Акоста. Иара далацәажәеит акаҳуааӡараа усхк амҩаԥысшьа атәы.

Ацеремониа мҩаԥысит адепартамент Матагальпа аҿы. Иалахәын: Никарагуа ахада ихаҭыԥуаҩ Лауреано Ортега, Ареспублика Никарагуа АдәА рминистр Денис Монкада, Ареспублика Никарагуа атәылахьчара аминистр Сезар Абилес, Аполициа рхада Франсиско Диас, атәылаҿы аккредитациа змоу адипломатцәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: