Инар Ладариа Никарагуа ахада Даниель Ортега Агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит

Инар Ладариа Никарагуа ахада Даниель Ортега Агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит
7 February 2023 200

2023 шықәса жәабран 6 азы имҩаԥысит Ареспублика Никарагуа ахь инашьҭу азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа ахада Даниель Ортега Агәраргагатә шәҟәқәа анииҭоз ацеремониа.

Инар Ладариа Даниель Ортега Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадеи, аиҳабыреи, ажәлари рҟынтәи никарагуатәи ажәлари атәыла ахадеи асалам риҭеит.

Ацҳаражәҳәаҩ Даниель Ортега ианеишьеит асовет Аԥсны анапхгаҩы Нестор Лакоба исахьа зну Аԥсар, аԥсуа рыжәтә «Чача», аџьыка, Аԥсны аԥсабареи акультуреи ирызку ашәҟәы.

Даниель Ортега аҳамҭақәа ҭабуп ҳәа рхиҳәааит, агәыӷра ааирԥшит Манагуеи Аҟәеи ԥхьаҟатәи русеицура ишацҵахо азы.

Иара убасгьы Инар Ладариа идиныҳәалеит Ареспублика Никарагуаҿ идипломатиатә миссиа амҩаԥгара, агәыӷра ааирԥшит активла иусура шымҩаԥиго азы атәылақәа рыҩба ԥхьаҟатәи русеицура арӷәӷәаразы.

Ацеремониа иалахәын аҳәынҭқарратә усзуҩцәа, адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа, еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: