Хьыбла Амҷԥҳа ацәыргақәҵа лҽалалырхәит

Хьыбла Амҷԥҳа  ацәыргақәҵа лҽалалырхәит
30 October 2023 116

2023 шықәса жьҭаара 7 азы Берлин имҩаԥысит ацәыргақәҵа «Сергей Рахманинов - Фёдор Шаляпин: параллели и пересечения».

Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа М.И. Глинка ихьӡ зху Берлинтәи аилазаара иеиҿнакааз ауснагӡатә далахәын.

Ацәыргақәҵа аартын амузыка урыстәылатәи Амилаҭтә музеи адиректор хада Михаил Брызгалов илекциала.

Ахәылԥаз мҩаԥган Берлин, аҭҵаарадырреи акультуреи Урыстәылатәи Рыҩны аҿы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: