Аԥсны АдәАР аколлектив Игор Ахба идныҳәалеит

Аԥсны АдәАР аколлектив Игор Ахба идныҳәалеит
5 February 2024 87

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив аԥсуа дипломат, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ, аорден «Ахьӡ-Аԥша» II, III аҩаӡарақәа занашьоу Игор Ахба 75-шықәса ихыҵра идырныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Ҳаҭыр зқәу Игор Мураҭ-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара рыхьӡала гәык-ԥсык ала шәымшира шәыдаҳныҳәалоит.

Шәара ааԥсарада имҩаԥыжәгоз аусура иалҵшәоуп иахьа Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьақәа, шәлагала дууп Аԥсны ашәарҭадареи асуверинитети рырӷәӷәараҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара ишәзеиӷьаршьоит агәабзиара зҩыда, анасыԥ, ақәҿиарақәа. Шәҭаацәеи шәареи ишәыгымхааит аманшәалара.»

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: