Аԥсны ААР ареспублика аҳәаанырцәтәи ацҳаражәҳәарҭақәа русура арҿыцуеит

Аԥсны ААР ареспублика аҳәаанырцәтәи ацҳаражәҳәарҭақәа русура арҿыцуеит
6 March 2023 198

Аӡбамҭа рыдыркылеит Аԥсны ААР аттестациатә комиссиа Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҟны аусура алкаақәа иҟанаҵаз инарықәыршәаны. Аусбарҭа аттестациатә комиссиа Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҟны имҩаԥнагаз агәаҭарақәа иаадырԥшит аиқәымшәарақәа шыҟоу, убри инамаданы ирыӡбеит анаҩстәи ауснагӡатәқәа рыдыркыларц:

1. Аԥсны ААРи Ацҳаражәҳәарҭеи рҟны зусушьа бзиоу адипломатцәа иаартны ралкааразы иаԥҵахоит аиндаҭларатә комиссиа;

2. Ацҳаражәҳәарҭақәа русзуҩцәа еиқәыршәазарц ҳаамҭа иақәшәо ахархәагақәа рыла. Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаз авидеоконференциаеимадараз (ВКС) ахархәага аархәахьеит;

3. Афинанстә леишәа рӷәӷәахарц, аминистрра афинанстә ҳасабырба амҩаԥгашьа хылаԥшра анаҭаларц;

4. Ацҳаражәҳәарҭақәа рмазара хра аманы рхархәара аиҿкаара алыршахарц. Иазгәаҭоуп уаанӡа аҭыԥ шамаз Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аҳәынҭмазара хра амамкәа ахархәара шазуз;

5. Аусзуҩцәа русуратә ҭыԥ аҿы рыҟазаара ма рыҟамзаара ашьақәыргыларазы аелектронтә система алагалазарц, аусзуҩ иусуратә ҭыԥ аҿы мзызда иҟамзаара аџьатә закәанԥҵара еиланагоит, иусура иамхразгьы иҵаҵӷәхоит;

6. Иалагалахоит аштаттә ак – Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа ашәарҭадара азҵаарақәа рзы атташе. Аԥсны АШәМ аусзуҩ абри ахырхарҭаҿ акомплекстә усурақәа мҩаԥигалоит. Уи икандидатура АШәМ ахантәаҩы далархәны иҳәаақәҵахоит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иазгәеиҭеит ацҳаражәҳәарҭа хатәы еилахәыраны ишыҟам, аусзуҩ иаҭара ма иамхра шымҩаԥгахало имаҵзуратә инструкциақәа шынаигӡо инақәыршәаны.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: