Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа «Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә џьармыкьа - 2023» рхы аладырхәит

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа «Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә џьармыкьа - 2023» рхы аладырхәит
18 December 2023 205

«Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә џьармыкьа - 2023» ԥхынҷкәынмза 16 рзы Дамаск ақалақь, асасааирҭа Dama Rose, аизарақәа рзал Аль-Мутанабби аҿы имҩаԥысит.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩыс иҟоуп Шьамтәылатәи адипломатиатә клуб. Уи аилазаараҿы иҟоуп адипломатиатә миссиақәа рхадацәа рыԥшәмацәа, адипломатцәа, Шьамтәыла аккредитациа змоу ҳаҭыр зқәу аконсултә маҵзурақәа.

Аусмҩаԥгатә ахықәкы хада – 2023 шықәса, жәабранмзазы Шьамтәыла иҟалаз адгьылҵысра ӷәӷәа аҿы ааха зауз ацхыраара рыҭаразы аԥара аизгара.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҿы аккредитациа змоу 16 тәыла рҟынтәи адипломатиатә миссиақәа, иара убас шьамтәылатәи агәыҳалалратә еиҿкаарақәа жәпакы рхаҭарнакцәа.

Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али иԥшәмаԥҳәыс Сиузанна Абаза (Гагәылиа) иареи Аԥсны апавилион иаҭааз Адипломатиатә клуб апрезидент иԥшәмаԥҳәыс Шьуқриа Аль-Микдад зхадараҿы дыҟаз асасцәа, Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр, Адипломатиатә клуб ахада иԥшәмаԥҳәыс Аииа бин Шьаабан, Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҿы иҟоу Ливиа ацҳаражәҳәаҩ иԥшәмаԥҳәыс, уҳәа егьырҭ ҳаҭыр зқу асасцәа ирԥылеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: