Мухаммада Алии Фирас Муалли еиԥылеит

Мухаммада Алии Фирас Муалли еиԥылеит
12 March 2024 51

2024 шықәса хәажәкыра 12 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтә республикаАолимпиатә еилакы ахада, атәыла аспорттә Федерациа ахада Фирас Муалл диԥылеит.

Аиԥылараҟны ирылацәажәан Шьамтәылатәи Арабтә республикеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аспорт аусхк аҟны аусеицура арҿиара.

«Иара убасгьы иазгәаҭан аспорт аусхк аҵак ду шамоу, ирзааҭгылан атәылақәа рыҩба ринтересқәа ирықәшәо аԥышәа аимдара шаҭаху, Аԥсни Шьамтәылеи рҟны аспорттә лагерқәа раартра шырҿиалатәу» ҳәа иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ Али.

Аиԥылара далахәын Геис аль-Харки - Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша аиҳабы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: